Аԥсны

Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан дидикылеит

Маргарита Симониан Аԥсныҟа дааит хәажәкыра 29 рзы. Атәыла ахада иԥылара ашьҭахь "Россия сегодня" аиҳабы лхы алалырхәуеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-центр ҿыц аартра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан дидикылеит.
"Шәара арахь шәааира ажурналисттә еилазаараҿ адагьы Аԥсны атәылауаа рыбжьарагьы аинтерес ду цәырнагеит, избанзар ара зегьы бзиа шәырбоит. Пату ду шәықәырҵоит адунеитә уаажәларра иҟоу аиашаҵәҟьа рызназго аӡәы ҳәа шәшьаны", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит раԥхьаӡа акәны ишидикыло ҭаацәарак иатәу ҩыџьа ауаа нагақәа.
Маргарита Симониан Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит гәыкала иахьрыдыркылаз азы, лара Аԥсны ишәҭыкакаҷуа тәылоуп ҳәа ахылҳәааит, иагьазгәалҭеит уи иадҳәаланы агәалашәарақәа маҷымкәа ишлымоу, избанзар лара ланду ара дынхон. 1998 шықәса инаркынгьы лара журналистк лаҳасабала Аԥсны аҭаара далагеит.
"Иаҳа ианыуадаҩыз аамҭақәа раан ҳара Аԥсны ҳгәы иҵхон, шәҳәынҭқарра иаԥеиԥшхозеи ҳәа ҳгәы хыҭхыҭуан, шәара ахьыԥшымра шәоурц азы иҳалшоз ҟаҳҵон", - ҳәа лажәа иацылҵеит лара.
Симониан иазгәалҭеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны атәылауаа Украина имҩаԥысуа Урыстәыла аоперациа ҷыда ишалахәу, Донбасс атәылауаа рыхьчара ишаҿу, иагьырзеиӷьалшьеит зегьы еибга-изҩыда рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц.
Иара убас Аслан Бжьаниа аиԥылараан дазааҭгылеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа, иазгәеиҭеит русеицура азҵаара хадақәа ишреиуоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра апроцедура армариара.