Иахьа наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәоит аоператор, арежиссиор Ҭемыр Қәычбериа.
"Ҭемыр Қәычбериа сара саԥхьагьы ателехәаԥшрахьы усура днеихьан. Иара аԥхьа нџьнырс Аԥсуа радио аредакциаҿы дыҟан. Акыраамҭа авидеонџьнырс дыҟан. Уа дшыҟаз ауп аибашьра ишалагазгьы. Аибашьра зегьы Ҭемыр Қәычбериа икамера уахыкгьы ишьҭеимҵеит. Даара аҟазара злаз арԥысын. Аҩызараз дыбзиан, ахааназ ибжьы ааҭыганы аӡәы диқәыҵәҟьаӡомызт, адырра ҵаулақәа иман. Аҟәа дацәыӡит ауаҩ хатәра, зыԥсы цқьаз ауаҩы. Иара даара зинтеллект ҳаракыз иакәын. Ауаҩ ҟәыш иаргументқәа анизымхалак, ибжьы ҳаракны ацәажәара далагоит, аинтеллигент ибжьы ациҵаӡом, избанзар иаргумент иара имоуп, ус еиԥш дыҟан Ҭемыр", - ҳәа иҳәеит Инаԥшьба.
Ажурналист Даур Инаԥшьба игәалаиршәеит Ҭемыр Қәычбериеи, иареи, Валерии Ҟәырасқәуеи ашәанцәа иҭҟәаны ианыргазтәи ахҭыс.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.