Аԥсны

Кеосаиан Аԥсны сахьыҟоу сыԥсадгьыл аҿы сыҟоушәоуп ишызбо иҳәеит

Аԥсны ААР Амедиацентр аатит хәажәкыра 29 рзы. Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын урыстәылатәи асасцәа – амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониани лыԥшәма – арежиссиор, асценарист Тигран Кеосаиани.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Урыстәылатәи арежиссиор, асценарист Тигран Кеосаиан Аԥсны ААР Амедиацентр аартраан иҳәеит Аԥсны дахьыҟоу иԥсадгьыл аҿы дыҟоушәа ихы шибо.
"Сара асовет формациа иаҵанакуа уаҩуп. Ажәытә зны Асовет ар ҭоуба рысҭеит. Иахьа ара сыԥсадгьыл аҿы сыҟоушәа схы збоит. Убасеиԥш схы збоит Донбасс, Ермантәыла, Қырҭтәыла саныҟоу", - иҳәеит Кеосаиан.
Иара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит амедиацентр аартрахь дахьаарыԥхьаз, уи ҳаҭырқәҵараны дахәаԥшуеит.

Сара сеигәырӷьоит ари амедиацентр ахьаатыз. Ҳара, асовет аамҭа иаҵанакуа ауаа Аԥсны закәу ҳзеиҭаҳәара аҭахӡам, уи ҳаԥсҭазаара иахьахәҭаку азы. Исгәалашәоит аҵыхәтәантәи ара сыҟазаара 1979 шықәсазы шакәыз. Амшын аԥшаҳәахьы санцәырҵ, схәыҷра сазыхынҳәызшәа збеит. Уи иаанго исызгәакьоу ахь схьаԥшит. Аха уажәы ҳара ҳабиԥара акәым излацәажәатәу, излацәажәатәу аҿар роуп. Урҭ ирзеиҭаҳәалатәуп ҳара культурак ҳшатәу, ҵакырак ҳшеиднакыло, гәалашәарақәак ҳаҭгәынқәак еицеиԥшны ишҳамоу. Абри азоуп ари ацентр аҭахны изыҟоу.

Тигран Кеосаиан
Урыстәылатәи арежиссиор, асценарист
Кеосаиан иҳәеит хаҭала иареи икоманда иалахәу ауааи ирылшо зегь шыҟарҵало Урыстәыла еиҳа инарҭбааны ижәытәӡатәиу, иссиру Аԥсынтәыла аӡбахә дырдырразы.
Аԥсны
Симониан: Аԥсны даҽа тәылак еиԥшымкәа аӡбахә аларҵәара аҭахуп