Аԥсны

Симониан: Аԥсны даҽа тәылак еиԥшымкәа аӡбахә аларҵәара аҭахуп

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада далахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр аартра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр аартраҟны илҳәеит Аԥсны ишаҭаху иара аӡбахә адунеи ауааԥсыра ираҳарц.

"Аԥсны, даҽа тәылак еиԥшымкәа иаҭахуп аӡбахә аларҵәара адунеи аҟны, раԥхьа иргыланы Урыстәыла, иззымдыруа ирдырыц, аиаша иззымдыруа рацәаҩуп - Аԥсны шаҟа иԥшӡоу, ҽакы ишаламҩашьо, адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу тәылоуп", - ихәеит Симониан.

Иазгәалҭеит, аԥсуаа рысасдкылашьеи раԥсшәаҳәашьеи шлыдылкылаз, уи ауаа рацәа рызнагараҿы лышьҭамҭа ахьыҟоу насыԥ шлынаҭо.
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада илҳәеит, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр аусура ацхрааразы илылшо зегьы шыҟалҵо, уи аан илҳәеит Аԥсны аус зуа аинформациатә маҵзура Sputnik-и иареи русеицура шалшо.
Симониан лцәажәара хыркәшо, амедиацентр аусзуҩцәа аманшәалара рзеиӷьалшьеит, агәыӷра аалырԥшит, шықәсқәак рнаҩс амедиацентр мҽхакы ҭбаала аусура шынанагӡо азы.