Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ар амҵәыжәҩа змоу аракетақәа рыла Ровентәи аобласт аҿы абылтәышьҭаҵарҭа ԥыржәеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков ашьыжьтәи абрифинг аҿы далацәажәеит аоперациа ҷыда ацашьа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Урыстәыла ар амҵәыжәҩа змоу аракетақәа рыла Ровентәи аобласт, аиланхарҭа Клевань аҿы абылтәышьҭаҵарҭа ԥыржәеит ҳәа иҳәоит аусбарҭа ахаҭарнак.
Арантәи Киев амҵан игылоу украинатәи арратә техника былтәыла еиқәдыршәон.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла АКМ иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хԥа Чернобаевка араион аҿы.
Уи адагьы, аоператив-тактикатә авиациа иҭанархеит 68 арратә обиект: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, азенит-ракетатә комплексқәа ԥшьба, "Бук-М1" хԥа, "Оса" акы, радиолокациатә станциак, ареактивтә системақәа хԥа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, абылтәышьҭаҵарҭақәа хԥа, арратә техника агыларҭақәа 19.
Аибашьра иалагазар, Укриана иацәыӡхьеит: 123 ҳаирплан, 74 вертолиот, 311 АДА, 1738 танки акәылӡы машьынақәеи, 181 реактивтә шьақәгыла, 726 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1592 ак арратә машьынатә техникеи.