Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахадара Донецкҟа агуманитартә еидара наргеит

Аҟәатәи аделегациа дырԥылеит Донецк ахада Алексеи Кулемзин.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Донецкҟа инанагеит агуманитартә цхыраара ақалақь ауааԥсыра рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахадара асаит.
Донецкҟа аидара нашьҭын аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба идҵала, уи рыманы ицеит ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи амҩаныҟәара аиҿкаара аиҳабы Ҭемыр Абӷаџьи.
Донецк ахада Алексеи Кулемзин Аԥсны аҳҭнықалақь ахадара иҭабуп ҳәе реиҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы.
"Аҟәеи ҳара аизыҟазаашьа ԥхақәа ҳабжьоуп. Аԥсны жәлари Аҟәа иқәынхо ауааԥсыреи ирдыруеит аибашьра закәу. Гәыла-ԥсылагьы ҳаизааигәоуп. Иахьа украинатәи ацәгьоуцәа шҳалахысыц иҳалахысуеит, аҭынч уааԥсыра ҭахоит. Убри азы иҟашәҵаз ацхыраара даара иҳахәоит, ианаамҭаз иаҳзаажәгеит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аԥсуа жәлар, Аҟәа ахада иаарышьҭыз агуманитартә цхырааразы, уи нашьҭхоит Донецк зҭагылазаашьа уадаҩу анхацәа", - иҳәеит Кулемзин.
Аԥсны
Аԥсны Донецкҟа агуманитартә цхыраара дәықәнаҵеит
Агуманитартә цхыраара нашьҭхоит Луганскҟагьы. Аԥснынтәи Донецки Лугански рахь инашьҭуп 12 тонна агуманитартә еидара.