Аԥсны

Аԥсны ашьапылампыл аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит Москва

Москва усутә ныҟәарыла иҟоуп ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа аделегациа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл аҿиаразы азҵаарақәа ирылацәажәеит Москва ҳәа аҩуеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа Telegram-канал аҿы.

Иазгәаҭоуп хәажәкыра 29 рзы Москва, аспорт аминистрраҿы имҩаԥысит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагбеи УА аспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанови реиԥылара.

Аделегациа иалахәуп ашьапылампыласыҩцәа Никита Симониан, Ахрик Цәеиба, Дмитри Кәартаа.
Встреча президента Федерации футбола Абхазии Тараща Хагба с заместителем министра спорта Российской Федерации Одесом Байсултановым