Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Макрон иеиҳәеит Мариуполь амилаҭеилыхцәа рабџьар шьҭарҵароуп ҳәа

Урыстәылеи Франциеи рхадацәа Украина иҟоу аҭагылазаашьеи Мариуполь агуманитартә операциа аиҿкаареи ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Франциа ахада Еммануель Макрон даниацәажәоз, иҳәеит Мариуполь амилаҭеилыхцәа рабџьар шьҭарҵароуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
"Инаҵшьны иазгәаҭоуп агуманитартә ҭагылазаашьа уадаҩ аҭыԥ ақәҵаразы ари ақалақь аҿы украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа, аибашьцәа рабџьар шьҭарҵароуп ҳәа", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Путин Франциатәи иколлега иеиҳәеит агуманитартә цхыраареи аграждантә хаҿқәа ралгареи рзы ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуа. Аганқәа иара убасгьы Украина аҭагылазаашьеи Сҭампыл ихыркәшахаз Урыстәылеи Украинеи рхаҭарнакцәа рыбжьара аиҿцәажәарақәагьы налаҵаны ирылацәажәеит.