Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырракәа рзы аԥкра аҿҳәара иацырҵеит

Урыстәылатәи ақалақьқәа 11 рахь аԥыррақәа ԥкуп. Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа уаанӡа аус шыруаз еиԥш ируеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҳаирбаӷәазақәа рҿы жәабран 24 рзы иалагалаз аԥкрақәа ирыцҵоуп мшаԥы 7 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
"2022 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 03:45 аҟынӡа иацҵоуп Ростов-на-Дону, Краснодар, Анапа, Геленџьик, Елиста, Ставрополь, Симферополь, Белгород, Брианск, Курск, Воронеж рҿтәи аҳаирбаӷәазақәа русура аԥкра", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырра аԥкра аҿҳәара мшаԥы 1 аҟынӡа иацырҵеит
Апассаџьырцәа рымҩангаразы урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа ирабжьгоуп ишәарҭамкәа ишьоу амаршрутқәа рыла иԥырларц: Шәача, Волгоград, Аминералтә Ӡқәа, Ставрополь, Москва. Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа уаанӡа аус шыруаз еиԥш ируеит.
Росавиациа жәабран 24 рзы Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҳаирбаӷәазақәа рҿы аԥкрақәа аланагалеит арҭ аҵакырақәа Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыхҟьаны ишәарҭоуп ҳәа ишьаны.