Арадио

Ҳагба: Урыстәыла Украина иҟоу акризис аҩыза Аладатәи Кавказгьы ацәырҵра алнаршом

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара - иалыршахома Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа цәгьахар Украинатәи ахҭысқәа раан.
Sputnik
Азербаиџьан Арбџьармчқәа Ҟарабах аурыс бжьаҟазаҩцәа ахьгылаз иалалеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы. Ахҭыс аҭыԥ аман хәажәкырамза 24-25 рзы.
Азербаиџьан Арбџьармчқәа ԥшьынтә ирылахысит Ашьха Ҟарабах Ареспублика архәҭақәа аԥырҩы дызҭам аҳаирплан "BAYRAKTAR-TB 2" ала аиланхарҭа Фурах аҿы.
"Џьоукы ус рҳәоит Украинатәи акризис иалагӡаны Азербаиџьан рыгәҭакы нарыгӡарц рҭахуп ҳәа, аха Ермантәылагьы Азербаиџьангьы макьана акыршықәса иадхалоит аинышәарахь акылсра, избанзар, иӡбам азҵаарақәа рацәаны иҟоуп, еиҳарак аҵакырадгьыл, аҳәаа ҿыцқәа шьақәыргылатәуп, уи Урыстәылада ирзыҟаҵаӡом. Аха аҭынчра Урыстәыла ада аӡәгьы изымҩаԥгаӡом, убри аҟнытә ибзиоуп ирзыӡырҩыр, аиҿцәажәарахь ирзыиагар. Сара сгәанала, уажәы уа еибашьра дук ҟалоит ҳәа исыԥхьаӡазом. Урыстәыла иахьа Украина иҟоу акризис Аладатәи Кавказгьы ацәырҵра рҭахӡам, убри аҟнытә Ермантәылагьы Азербаиџьангьы инарықәыӷәӷәаны аҭынчратә политикахь ицәырыргап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.