АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаԥнагоит иреиӷьу аусумҭа алкааразы есышықәсатәи аицлабра, абри атәы иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Sputnik акорреспондент даниацәажәоз.
Сынтәатәи аицлабра азкхоит 1992-93 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атема.
"Аилатәараҿы иахәаԥшит( ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 31 азы - азгә.) есышықәсатәи ажурналистцәа Реидгыла имҩаԥнаго аицлабра апроект, иалкаан атема, иалацәажәеит аицлабра аԥҟарақәа. Иара убас аӡбамҭа рыдыркылеит, 2022 шықәсазтәи аицлабра азкызарц Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аиубилеитә рыцхә, хьӡысгьы иамазарц "Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьраҿы цқьа идырым ахҭысқәа", - ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Сынтәа аицлабрахь зусумҭақәа рыдыркыло Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәу мацара роуп. Аицлабра мҩаԥгахоит "ателехәаԥшра", "арадио", "акьыԥхь", "аинтернет-ҭыжьымҭақәа" рыхьыӡҳәала. Аусумҭақәа еиқәыршәазароуп аочерк ажанр ала. Аусумҭақәа рыдкылара иалагоит мшаԥы 1 инаркны иагьхыркәшахоит абҵара 1 азы. Аихшьаалақәа ҟаҵахоит жәабран 27 АИХ-қәа рымш аназгәарҭуа аҽны.