Медведев: Украина адгьылқәа Варшавазы иҿаҵахәуп

Аекспертцәеи аналитикцәеи иазгәарҭоит Варшава арра-политикатә ҽазышәара шымҩаԥнаго Украина аиҟәшарази мраҭашәаартәи арегионқәа рампыҵахаларази.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Украина адгьылқәа Варшава иҿаҵахәны ирыхәаԥшуеит. Убри аан агәҭакқәа рыҵәахразы Урыстәыла иаҿагыло ацәажәарақәа мҩаԥнагоит ҳәа иҩуеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев амаҵзура Sputnik Polska азы астатиаҿы.
Медведев иазгәеиҭоит польшатәи ателехәаԥшраҿы ламысдарыла ишыддырбо "Украина аиҟәшара" ахсаала. Убри аан мраҭашәаратәи ахәҭақәа Польша иаҵаркны.

"Еилкаауп иаартны ари аус шзалымшо. Украинаа рҿагылар алшоит, егьырҭ ргәылацәагьы рықәыӡбар алшоит. Аха Варшава акырҵуеит ахатә маанқәа амоуижьҭеи, ахымҩаԥгашьа ырԥшӡаны ацәыргаразы", - иҳәеит Медведев.

Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев иҳәеит польшатәи аелита шәышықәсала арыцҳарақәа Урыстәыла ишахарарҵоз, адунеи аҿаԥхьа рхы дырқьиарц.
Иахьатәи украинатәи акризис далацәажәо аполитик иҳәеит Польша Европа аҿаԥхьа Украина ацхыраарала ахы ҭнагар шаҭаху.
Медведев: аӡәгьы аибашьра иҭахӡам, аха аиадертә еибашьразы еснагь ашәарҭара ыҟоуп
"Ацхыраара ҟаҳҵоит ҳәа аҳәара акуп, аха анагӡара – аҽакуп" - иҳәеит Медведев.
Уажәы польшатәи аиҳабыра рҭагылазаашьа мариам. Иахыҵыз ауаа рыдыркылоит, аха гәахәарада. Аӡәгьы дазыхиам аҵыхәтәантәи иҿаҵа рыцеҩшара.
"Польша иахьазы ҩмиллионҩык рҟынӡа ахҵәацәа ыҟоуп. Урҭ рыхәҭак америкаа рԥарақәа рыла еиқәыршәоуп. Иаанхаз аполиакцәа рԥарала рныҟәгара уаҩ деигәырӷьом, аиҳаракгьы аекономикатә кризис аламҭалаз", - ҳәа иҩуеит Медведев.