АҞӘА, мшаԥы 1-Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Мшаԥы акы жәларбжьаратәи алафи аччареи рымш азгәарҭеит Аҟәа акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы.
Адунеи атәылақәа жәпакы ари амш ныҳәак еиԥш ирыдыркылоит. Аԥсны акәзар, асамырҟәыл иазҿлымҳау аҧсуа лафҳәаҩцәа ҳамоуп. Алаф иамоуп ахатәы знеишьагьы, дыҟоуп алаф иазгәаауа, дыҟоуп уи злаӡо. Аччара амш аҽны аӡәи-аӡәи алаф еихырҳәаауеит, аамҭа лахҿыхрыла ирхыргоит.
Акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа еснагь ахаҵгылара рымоуп, иааҳакәыршаны иҟоу ауадаҩрақәа раамҭазы аччареи алафҳәареи угәы шьҭырхуеит.
Еиҿкааз ахәылԥаз иалахәын ашәҟәыҩҩцәа: Анатоли Лагәлаа, Владимир Занҭариа, Гәында Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, апародист Адамыр Гәынба, апоетцәа аҿарацәа Ахра Харчлаа, Асҭа Ҷкадуаԥҳа, иара убас ахәылԥаз иаҭааит апоезиеиа алафи абзиабаҩцәа.
Иқәгылоз зегьы алаф рылеибахуан. Апоет Владимир Занҭариа иқәгылараҟны иҩызцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәеинраақәа алаф ахь ииаганы дахцәажәеит. Апоет Анатоли Лагәлаа ҳакәша-мыкәша иҟоу ареалтә ԥсҭазаара дахлафуа, ахьӡыртәрақәа дырзааҭгылеит. Апоетессацәа Гәында Сақаниаԥҳаи Гәында Кәыҵниаԥҳаи алахҿыхратә хәылԥазы иацҵо, рҽазыршәон ҳазну аамҭа иацу ауадаҩрақәа ырмарианы, алаф аҵакы аҭаны аарԥшра. Убас рҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рҵакы алаф еиҭарс ахь ииаргон.
Апародист Адамыр Гәынба иқәгылараҟны рыҟаҵашьа ҟаиҵон Аԥсны еицырдыруа аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Апоезиеи алафи рыхәалԥаз хыркәшо, рхатәы жәеинраалақәа ирыԥхьеит апоетцәа ҿарацәа Ахра Харчлааи Асҭа Ҷкадуаԥҳаи.