АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Иван Папасқьыр ихьӡ зху алитературатә аԥхьахә азы алитературатә еицлабра рыланаҳәеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аицлабрахь ирыдыркылоит ари ашықәс азы аԥсуа кьыԥхь аҿы ицәырҵыз аповестқәеи ароманқәеи рцыԥҵәахақәа. Ашықәс анҵәамҭазы аихшьаалақәа мҩаԥгахоит.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аилазаарахь ирыдкылоуп апоетцәа–Иван Миқааи Аинар Ҷыҭанааи.