АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит аконсултә усзуҩцәа анотариалтә усқәа рзин рызҭо азакәан. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Азакәан рыдыркылаанӡа анотариалтә усқәа рымҩаԥгара азин рыман урыстәылатәи аконсултә усбарҭақәа рмаҵзурауаа мацара.
Иара убасгьы азакәан инақәыршәаны Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы азин аиуеит Аиустициа аминистрреиԥш аконсултә усзуҩцәа анотариалтә усқәа азин рызҭо аинструкциа ашьақәырӷәӷәаразы.
Азакәан амчра аиуеит ианыркьыԥхь инаркны 180 мшы рышьҭахь.