Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Цхинвал аҭҵаарадырра-практикатә конференциа ааиртит

Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал имҩаԥысуеит амаҿа ахирургиа иазку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала Цхинвал жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа ааиртит. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахчьара аминистрра апресс-маҵзура.

Иара иазгәеиҭеит амаҿа иаиуа аахақәеи иаанахәо ачымазарақәеи лассы-лассы ишуԥыло, аконференциа алахәылацәа рԥышәа уи азҵаараҿы ишеимырдо, наҟ-наҟ иаҳа лҵшәа бзиала апрофессионалтә медицинатә цхыраара аҭаразы.

Аконференциа иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь аҳақьымцәа.