Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа аекономика ашьҭыхразы ицхыраагӡахо атәы

Аекономист, Аҟәатәи иаарту аинститут аиҳабы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аекономикатә уадаҩрақәа ралҵразы мҩас иҟоу ҳәа ииԥхьаӡо атәы.
Sputnik
Аекономикатә уадаҩрақәа аныҟоу аамҭазы аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аԥыжәара аҭатәуп. Ари ҳтәылаҿы иалацәажәоижьҭеи акыршықәса ҵит, аха иахьа уажәраанӡа узлаҽхәаша алҵшәақәа маҷуп. Даҽа аамҭакы еиԥшымкәа уажәы аҩнуҵҟатәи аекономика аизырҳара иаҳа адгылара аҭатәуп ҳәа рыԥхьаӡоит аекспертцәа. Аекономист Кәарҷиа аефир аҟны иҳәеит анефҭ аҵхра ахәҭаны изиԥхьаӡо, убасгьы аекономика арҿиаразы атәылаҟны иҳагны иибо.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.