Арадио

Ԥлиаԥҳа Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа рзы: алҵшәа роу ирмоу, имҩаԥгалатәуп

Украинеи Урыстәылеи иахьатәи реизыҟазаашьа, аиҿцәажәаратә процесс ашьақәгылашьа, уи лҵшәас иаиур зылшо ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
Sputnik
Украинеи Урыстәылеи иахьа иуадаҩу реизыҟазаашьа далацәажәо, аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа иазгәалҭеит уи "аҵла иалбганы" иҟалаз шакәым, ҭоурыхла ибылгьо иааз ауп ҳәа.
"1990-тәи ашықәсқәа рзы Украина хаз ҳәынҭқарраны аҽанеиднакылоз, усҟан Урыстәыла аиҳабы Ельцин раха имаӡамызт, убри аҟынтәи иранажьуа агрессиа, амҽыӷра аус иадгыланы Украина азбжак Гитлер ишьҭра иқәланы анацизм дырҿиеит… Арҭ аанкыламызҭгьы, Зеленски Миунхен иқәгылараан иҳәеит мызқәак рыла атомтә бџьар шроуа атәы. Анцәа иумҳәан, ас зхы еиқәшәам ауаа шьаҭанкыла зегьы ықәызхуа абџьар рнапаҟны иҟаланы", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Лара лгәаанагарала, Украинеи Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа, алҵшәа роургьы ирмоургьы, имҩаԥыргалароуп.
"Аиқәшаҳаҭра ахаҭа макьана даара акыр аус адырулароуп. Украина НАТО мап ацәнакуеит, уи зегь раԥхьа игылоуп. Иҩбахаз аиадертә бџьар хлымӡаах шыҟарымҵо ауп, ахԥатәи - дара рҳәынҭқарра аҩныҵаҟа ар рызҵаара иахылаԥшуеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ашәарҭадаратә хеилак иалоу хә-ҳәынҭқаррак рҟынтәи хԥа алхны. Аха макьаназы аиқәшаҳаҭрахьы анеира акырӡа бжьоуп", - ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.