Адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлар ҟалоит, иҳадҵаало ауаа рхыԥхьаӡарагьы маҷӡам ҳәа азгәеиҭеит Ахба аиҿцәажәараҿы.
"Убри аан Аԥсныҟа иааҳго аалыҵқәа рацәоуп афатә-ажәтә аганахьала. Аҭыԥантәи аалыҵқәагьы ҭзыжьуаз асанкциақәа ирхырҟьаны ауадҩарақәа рызцәырҵит. Убри ианамаданы ацхыраара рыҭатәуп ҳәа сгәы иаанагоит аҭыԥантәи анаплакыҩцәа. Аԥхын аамҭазы ауаа рацәахар ҟалоит, аха иҳазныҟәымгар ҟалоит, убри азҵаара иазнеитәуп. Уаҵәы ҳусураҿы иҳаур зылшо ауадаҩрақәа уажәнатә аус рыдулара ҳалагароуп. 20-30 шықәса иаҳзыҟамҵаз ҩымз ирылагӡаны иҟаҳҵоит ҳәа ҳҳәар, баша ҳхы ҳжьоит. Иҳамоу амчқәа гәаҭаны, иҳалымшо азы ацхыраара ахьынтәиҳаур алшо еилкаатәуп, ауааԥсыра фатәыла реиқщыршәаразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ахба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.