Аԥсны

Аԥснытәи анаԥшцәа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ицоит атәыла ахада иалхрақәа рахь

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аԥснытәи анаԥшцәа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ицоит атәыла ахада иалхрақәа рахь, аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Ареспубликахь алхрақәа рхылаԥшразы инеиуеит анаԥшцәа Урыстәыла, Донбасс, Австриа, Венесуелы, Германиа, Ашьха Ҟарабах, Никарагуа, Ҭырқәтәыла, Финлиандиа уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи.
Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика АКХ адыррақәа шьаҭас иааганы иаанацҳауеит 40-ҩык раҟара анаԥшцәа неираны иҟоуп ҳәа.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 10 рзы. Ареспублика АКХ аҿы иҭарҩит хәҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада Анатоли Бибилов, Алан Гаглоев, Гарри Мулдаров, Александр Плиев, Дмитри Тасоев.