Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аурыс ар Одесса азааигәара анефҭаусадуларатә зауад ықәнахит

Урыстәылатәи авиациа асабша, мшаԥы 2 хәылбыҽхаахыс ааха рынаҭеит Украина арратә обиектқәа 51.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аурыс ар икылкааны иеихсны иԥыржәеит анефҭаусадуларатә зауади абылтәы-хьшьтәы материалқәа рыҵәахырҭақәа хԥа амҽыша Одесса иахьаҵанакуа, абри атәы иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков.
Иқәхыз аобиектқәа рҟынтәи Николаевтәи ахырхарҭахь украинатәи аруаа рзы амаҭәахәқәа рышьҭуан.
"Иахьа ашьыжь икылкааны ихысуа амшын аҿи аҳауаҿи игылоу аракетақәа рыла иеихсны иԥыржәеит анефҭаусадуларатә зауади абылтәы-хьшьтәы материалқәа рыҵәахырҭақәа хԥа Одесса иахьаҵанакуа, иқәхыз аобиектқәа рҟынтәи Николаевтәи ахырхарҭахь украинатәи аруаа рзы амаҭәахәқәа рышьҭуан", - иҳәеит Конашенков.
Ҽнак ала урыстәылатәи авиациа иқәнахит Украина арратә обиектқәа 28, урҭ рыбжьара иҟоуп аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭақәа ҩба, иара убас Украина Арбџьармчқәа рырратә техника ахьгылоу араионқәа 23. Урыстәылатәи авиациа асабша, мшаԥы 2 хәылбыҽхаахыс ааха рынаҭеит Украина арратә обиектқәа 51, икажьуп аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа ҩба Кудриашовкеи Шуровкеи иахьрыҵанакуа.
Конашенков иазгәеиҭеит акомандатә пунктқәа ԥшьба, азенит-ракетатә комплекс "Оса-АКМ"-қәа ҩба шықәхыз аиланхарҭақәа Барвенковои Славиански рҿы, иара убас артиллериатә батареиақәа ҩба, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа ҩба, аракета-артиллериатә абџьарқәа рышьҭаҵарҭақәа ԥшьба Константиновкеи Крестишьеи рҿы, иара убас УАМ арратә техника аргыларҭақәа 32.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Искандер" ала иреихсны шәҩык инареиҳаны анеонацистцәеи қьырала еибашьуази ҭархоуп Харьков