Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Искандер" ала иреихсны шәҩык инареиҳаны анеонацистцәеи қьырала еибашьуази ҭархоуп Харьков

Урыстәыла Арбџьармчқәа арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭадырхахьеит Украина Арбџьармчқәа иртәу 125 вертолиот, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 381.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Икылкааны ихысуа акомплекс "Искандер" ала Харьков атәылахьчара аштаб иақәыршәаны иҭархан 100-ҩык инареиҳаны анацистцәеи мраҭашәаратәи атәылақәа рҟнытәи қьырала еибашьра иаази, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков.
"Аԥшьаша, хәажәкыра 31 рзы Харьков ақалақь аҟны иҟоу атәылахьчара аштаб икылкааны иеихсыз аоператив-тактикатә комплекс "Искандер" ала иҭархан 100-ҩык инареиҳаны анацистцәеи мраҭашәаратәи атәылақәа рҟнытәи қьырала еибашьра иаази", - иҳәеит Конашенков.
Ҽнак ала урыстәылатәи авиациа иқәнахит Украина арратә обиектқәа 28, урҭ рыбжьара иҟоуп аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭақәа ҩба, иара убас Украина Арбџьармчқәа рырратә техника ахьгылоу араионқәа 23.
Конашенков иара убас иазгәеиҭеит ЛЖәР архәҭақәа ажәыларақәа ишрыцырҵо, Боровское амацәаз аҭакра ишаҿу, уа ишҭадырхахьоу 30-ҩык рҟныӡа анационалистцәеи акәылӡтәы техника 5-еи.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла авиациа Полтавеи Днепропетровски рырратә аеродромқәа ықәырхит