АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. 2022 шықәса хәажәкырамзазы аҳазатә шәарақәа 239,7 миллион мааҭ, ылган иарбаз 168,2 миллион мааҭ рцынхәрас. Амзаз аплан 143% рыла инагӡоуп ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә Ҳазалхратә еилакы асаит.
2021 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны 49,9 миллион мааҭ ма 26% рыла еиҳауп ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Зынӡа 2022 шықәса аԥхьатәи аԥшьбара аихшьалақәа рыла Аԥсны абиуџьет ахь иахыԥхьаӡалоуп 571,1 миллион мааҭ аҳазатә шәарақәа. 2021 шықәса иаҿырԥшны ари 141,0 миллион ма 15% рыла еиҳауп (497,8 млн.м.).