Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадаразы ицхырааҩ даҭоуп

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи реизыҟазаашьақәа русхк ҳәаақәызҵо усбарҭа хадоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Мартин Ҭаркьыл Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадаразы ицхырааҩм даҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.
Уажәраанӡа Ҭаркьыл акыршықәса аус иуан Аԥсны ААР аконсултә департамент аиҳабыс. Иара даҽа маҵурак ахь дахьиаргаз азы уи аҭыԥ дахадыргылеит ари адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩс иҟаз Лаша Аҩӡба.
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аусеицуразы ахаҭарнак ҷыда дҟаҵоуп
Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтә иеиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа инарыгӡар ирҭаху апроектқәеи апрограммақәеи зегьы, убри ахыԥхьаӡараҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа злахәу апроектқәагьы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыршаҳаҭны инагӡалатәуп.