Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аусеицуразы ахаҭарнак ҷыда дҟаҵоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Алхас Барзаниа Аинформациатә шәарҭадара азҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи аусеицура аганахьала Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ иранггьы ихҵоуп.
Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АА амедиацентр.
Барзаниа уаанӡа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнакра аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.