Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" акәылӡтәы машьынақәа рыла ишьҭахь ала ижәлеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан 300-ҩык рҟынӡа аруааи 40 ак арратә техникеи алархәны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" ишьҭахь ала акәылӡтәы машьынақәа рыла ирыжәшеит атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны ахысырҭақәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Ашьхара ҭыԥқәеи Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуеи аԥшыхәцәа рыҽӡаны ареидқәа шьапылеи акәылӡымашьынақәа рылеи имҩаԥыргеит аӷа "итыл" ахь 20 - 50 километра иҭаланы. Иазгәаҭоуп аԥшыхәратә гәыԥ автономла акыр мшы аус шыруаз.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа арадиоелектронтә ҿагылара аметодқәа аус рыдыруылеит
Аррамаҵзурауаа еибыҭан ацәамаҭәа ҷыда "Ратник" ала, ахархәараз ирыман алазертә нарԥшыгақәа ЛПР-3, уахынла иузырбо ахархәагақәа. Иара убасгьы ахархәара рзыруан аԥшыхәреи аимадарақәеи ркомплексқәа КРУС "Стрелец", аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.
Аӷа ироль нарыгӡон амотохысцәеи анџьныр-минаҵхыҩцәеи рыҟәшақәа.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан 300-ҩык рҟынӡа аруааи аԥшыхәратә машьына "Дозор" назлоу 40 ак арратә техникеи алархәны.