Аԥсны

Гагра лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа 10 ирыҵанакуеит

Атурмаҵзура астатистика ала урыстәылаа аиҳараҩык лаҵарамзаз рыԥсшьарамшқәа 12 уахы-ҽнынӡа иҿарҵоит, иазыхиоуп уахыки-ҽнаки рзы 3,6 нызқьмааҭ ашәара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Гагра 2022 шықәса лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа 10 ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура TVIL.RU.
Лаҵарамзатәи аныҳәақәа традициала иԥсшьарамшқәоуп. Ирацәаҩуп ақалақь маҷқәеи ақыҭақәеи рахь ицо, Москвеи Санкт-Петербурги реиԥш иҟақәоу ақалақьқәа рҿы ауаа рыжәпара иалҵразы.
TVIL.RU ареитинг иаҵанакит зуааԥсыра 130 000-ҩык иреиҳам аҭыԥқәа.
Аԥсшьараз ахырхарҭақәа жәаба рсиа абасеиԥш ишьақәгылоуп:
Дедеркои — 1300 м / 4 у *
Гагра — 1000 м / 12 у
Домодедово — 1700 м / 1 у
Андреаполь — 3600 м / 5 у
Багратионовск — 2650 м / 4 у
Мисхор — 1000 м / 7,5 у
Ильински — 2490 м / 2 у
Абзаково — 1600 м / 3,5 у
Выборг — 2000 м / 1 у
Аскат — 1800 м / 4 у
* Бжьаратәла уахыктәи ахәԥса / бжьаратәла аԥсшьараамҭа.
Аԥсны
Гагра аԥхын иреиӷьу аԥсшьараҭыԥқәа хәба рыбжьара иҟоуп