Латвиа агазтә еилахәыра агаз мааҭла ахә ахшәаара алшоит ҳәа иаԥхьаӡеит

Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахьала асанкциақәа хыԥхьаӡара рацәала иаларгалеит Украинатәи аоперациа ҷыда ашьҭахь. Москва аҭактә уснагӡатәқәа аднакылеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Латвиа агазтә еилахәыра Latvijas Gāze урыстәылатәи агаз мааҭла ахә ахшәаара азы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Урыстәылатәи амааҭ ала агаз ахә ашәара асанкциатә режим иаԥырхагам. Иахьазы Latvijas Gāze аԥарахшәаара аиҭакшьа аҭҵаара иаҿуп азин аганахьалагьы абизнес-интересқәа рганахьалагьы", - аҳәоит аилахәыра апресс-релиз.

Аилахәыра анапхгара ахантәаҩы Аигарс Калвитис иҳәеит аҵәахырҭақәа рҿы аԥсабаратә газ шазхо ахархәаҩцәа рҿаԥхьа ахыдҵақәа рынагӡаразы.
Владимир Путин хәажәкыра 23 рзы алаҳәара ҟаиҵеит Евроеидгыла атәылақәа рзы аԥкрақәа шалагалахо, адоллари аеврои мап рыцәкны агаз ахәшәара амааҭ ахь ишиагахо. Аиҳабыра хәажәкыра 31-нӡа "Газпром" адиректорцәа рхеилак аҟны аԥсахрақәа рзы адҵа рыдкылара азгәаҭан. Урыстәыла аилаӡарақәа рыхәԥса мшаԥы 1 инаркны мааҭла ирымшәар ахыдҵақәа нармыгӡеит ҳәа ишьоуп.
Агаз азы амааҭ ршәалоит ҳәа Урыстәыла аӡбамҭа ашьҭахь адоллари еврои рыхәԥса каҳаит