Аԥсны

Волков итеатр лаҵарамзазы Аԥсныҟа аспектакльқәа ԥшьба аанагоит

Волков итеатр – ижәытәӡатәиу Урыстәыла апрофессионалтә театрқәа иреиуоуп, 1750 шықәсазы иаԥҵан. Аԥсны агастрольқәа мҩаԥгахоит Фазиль Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ асценаҿы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Фиодор Волков ихьӡ зху аурыс драматә театр лаҵарамзазы Аԥсныҟа аспектакльқәа ԥшьба аанагоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.
Волковтәи атеатр ареспубликаҿ раԥхьатәи агастрольқәа мҩаԥгахоит лаҵара 2 - 5 рзы апрограмма "Агастроль дуқәа" рҳәаа иҭагӡаны.
Афиша абас ала еиҿкаауп:
Гастроли театра Волкова
Лаҵара 2 - "Ахәар ҟаԥшь" ( "Калина красная") В. Шукшин,
Лаҵара 3 - акомедиа "Иззыԥшу ахҭыс" ("Предстоящее событие"),
Лаҵара 4 - амелодрама "Ельза лыдгьыл" ("Земля Эльзы"),
Лаҵара 5 - фолк-рок миузикл "Некрасов".
"Арҭ агастрольқәа адунеи атәылақәа жәпакы ирҭаахьоу Волковтәи атеатр ареспубликахь раԥхьатәи иагастрольқәахоит", - аҳәоит аминистрра арелиз аҿы.
Агастрольтә проект иазԥхьагәанаҭоит 70-ҩык рҟынӡа артистцәеи егьырҭ атеатр аусзуҩцәеи раара. Адекорациақәа, ареквизит, акостиумқәа, атехникатә хархәагақәа фурала иааргоит.
Аԥсны
Волков ихьӡ зху урыстәылатәи атеатр Аԥсны агастрольқәа мҩаԥнагоит
Абилеҭқәа атеатр акассаҿы ирҭиуеит, иара убасгьы "А-Мобаил" аофисқәеи РУСДРАМ асаит аҿи аонлаин ала.
Актиор, арежиссиор Фиодор Волков ихьӡ зху атеатр – Урыстәыла апрофессионалтә театрқәа реиҳа зхыҵуа иреиуоуп. Ишьаҭаркын 1750 шықәсазы, Иарославль.