Ашколқәа макьаназы аус руеит аепидемилогиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны. Ашколтә крыфырҭақәа аусура иалагоит уи азы адҵа шааҟалакгьы, ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Ашколқәа рҿы аус руеит абуфетқәа, уа ахәыҷы афатә ԥха ифар илымшозаргьы, дназыцҳаша ак ыҟоуп. Акрыфырҭақәа рызҵаара аганахьала ашколқәа зегьы ишахәҭоу еиԥш еиқәшәам. Иааиуа аҵарашықәс азы ақалақь ахада ибзоураны ари азҵара ӡбахап ҳәа ҳаҟоуп. Аиҭакрақәа азгәаҭоуп", - ҳәа лҳәеит Ҭаркьылԥҳа арадиоефир аҿы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.