Аԥсны

Бжьаниеи Екзакьи Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза Конгресс аусура иалацәажәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы, амеценат Мусса Екзакь дидикылеит мшаԥы 5 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Мусса Екзакьи Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза Конгресс аусуреи инанагӡо апроектқәеи ирзааҭгылеит, егьырҭ хра злоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Бжьаниеи Екзакьи Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза Конгресс аусура иалацәажәеит
"Бзиала шәаабеит, Мусса Хабаль-иԥа, шәбара ҳаигәырӷьоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Шәара шәџьабаа, Аԥсны ахьӡала имҩаԥыжәго аусқәа", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада, Мусса Екзакь аԥсшәа иаҳәо.
Аиԥылараҿы АААК инанагӡо апроектқәеи егьырҭ хра злоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниеи Мусса Екзакьи 2021 шықәса хәажәкырамзазы еиԥылахьан. Усҟан Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза Конгресс ахантәаҩы Бжьаниа изеиҭеиҳәеит дызхагылоу ауаажәларратә еиҿкаара аусура атәы. Иара убри амш азы Бжьаниа аиҿкаара аҟәатәи аофис даҭааит.