АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Ирина Турааԥҳа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.
Лмаҵура ҿыц аҟны Турааԥҳа адипломатиатә протоколқәа рхырхарҭаҟны ипринциптәу азҵаарақәеи Аԥсуа аҳәынҭуниверситети русеицуреи лнапы алакзаауеит.
Турааԥҳа уаанӡатәи лнапынҵақәа апротокол аҟәша аиҳабыс даҭоуп адепартамент ареферент еиҳабыс иҟаз Алиса Ҷанԥҳа.