Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ атәыла Урыстәыла адларазы ареферендум амҩаԥгараз азыҳәа аиуит

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан ареспублика хара имгакәа азиндырратә шьаҿақәа шыҟанаҵо Урыстәыла адларазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6- Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа хада атәыла Урыстәыла адларазы ареферендум амҩаԥгараз азыҳәа аиуит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Бибилов: Аахыҵ Уаԥстәыла аҩныҟа, Урыстәылаҟа игьежьыроуп
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан ареспублика 2014 шықәсазы Ҟрым Урыстәыла ианадлаз ишамаз алшара ари ашьаҿазы.
Аԥшьгамҭатә гәыԥ еиҿкаан мшаԥы 1 азы. Агәыԥ аилазаара иалахәуп 20-ҩык, ареферендум азы аконституциатә закәан инақәыршәаны.
Агәыԥ иалахәуп: ареспублика ахада Анатоли Бибилов, уаанӡатәи атәыла ахадацәа Лиудвиг Чибиров, Едуард Кокоиты, Леонид Тибилов, Апарламент ахада Алан Тадтаев, адепутатцәа, ауаажәларратә еиҿкааарқәеи аинтеллигенциеи рхаҭарнакцәа.
Уаанӡа Бибилов иҳәахьан Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи аицәажәарақәа шымҩаԥырго, ареферендум мшаԥы 10 анахыс имҩаԥгахар шалшо.
Аԥсны анапхгара ирҳәеит Аахыҵи Нхыҵи Уаԥстәыла рҽеидҵаны Урыстәыла алаларазы аҽазышәара гәахәарала ишрыдыркыло.