Амшын еиқәа ихыз аҽа минак рбеит

Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра уаанӡа иаанацҳахьан Игнеада (Амшын еиқәа мраҭашәаратәи ахәҭа) иахьаҵанакуа, Болгариа иацәыхарамкәа амина шырбаз.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Ҭырқәтәыла амилаҭтә хьчара адырра ҟанаҵеит Амшын еиқәаҿы аҽа минак шырбаз.

"Амина еиԥшу Қьефқьен ааигәара аԥшыхәратә ҳаирпланла ирбеит амина еиԥшуп ҳәа ишьақәнаргылеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Араион рыхьчоит, аусурақәа мҩаԥыргоит ҬАМ аӡаҵатә командақәа (SAS).
Уаанӡатәи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Урыстәыла аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рымшын баӷәазақәа рҭаларҭаҿы 420 мина ӡхырҵеит.
Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра: аминатә шәарҭара алзмыршаша ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылоит
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, зҭыԥ иамҵны амшын ихылаз аминақәа аӡыбжьахала Босфор ала Адгьылбжьаратә мшын аҵакырахь инанагар алшоит ҳәа. Ҭырқәтәыла Арра-мшынтә флот аҳәара ҟарҵеит амшын иӡсаало аминақәа аӷбақәа хылаԥшра рырҭаларц ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан агазеҭ Hürriyet.