Аԥсны

Аслан Бжьаниа аҳәынҭстатистика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аԥсны аофициалтә статистикатә информациа аизгареи, аус адулареи, аҭареи мҩаԥнагоит астатистиказ Аҳәынҭеилакы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭстатистика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа алархәны. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Аилацәажәара иалахәын ахада Иусбарҭеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадарацәеи.
Аилацәажәараҿы ахада иҳәеит усбарҭақәак инарышьҭуа арбагақәеи, аинформациеи астатистиказ Аҳәынҭеилакы иамоу адыррақәеи аинформациеи аивыгарақәа шрымоу.
Иара иҳәеит аусбарҭақәа рырбагақәа еишьашәалазар шакәу, избанзар Аилак адыррақәа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма шьаҭас иазыҟазар ауп ҳәа.
Аусбарҭақәа рхадацәа рнапы ианҵоуп Аҳәынҭстатистика аус ацруларц, аофициалтә статистикатә рбагақәа реиҿкаашьа разнеишьа рыԥсахырц.
Аԥсны
Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит аинвестициақәа ралагаларазы амобилтә ҭыԥ шаԥҵахо
Аԥсны аофициалтә статистикатә информациа аизгареи аус адулареи, аҭареи мҩаԥнагоит, аҳасабырба аусхк аҟны ахылаԥшра напхгара анаҭоит астатистиказ Аҳәынҭеилакы.