Белоруссиа мшаԥымза инаркны урыстәылатәи агаз ахә ашәара иалагоит амааҭ ала

Урыстәыла Мраҭашәара асанкциақәа рҭакс иаҩызам атәылақәа рзы агаз ахәԥса адоллар, евро ма егьырҭ авалиутақәа мап рыцәнакит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Белоруссиа урыстәылатәи агаз ахә ашәара иалагоит амааҭ ала мшаԥымза инаркны, "Газпроми" Мински аԥарашәара апроцедура аус адыруылоит ҳәа анацҳауеит РИА Новости Белоруссиа аминистрцәа Рхеилак апресс-маҵзура адыррақәа рыла.
Аиқәшаҳаҭра ҿыц ала аҭагылазаашьақәа белоруссиатәи аган азы еиҳагьы иманшәалоуп.
Уаанӡа Белоруссиа аԥыза-министр Роман Головченко иҳәахьан Минск 2022 шықәсазы Урыстәылантә ироуа афымцамч малқәа – анефҭи агази рыхә мааҭла ашәара иалагоит ҳәа.
Латвиа агазтә еилахәыра агаз мааҭла ахә ахшәаара алшоит ҳәа иаԥхьаӡеит