Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аргәын анхацәа ауҭраҭых жәлақәа рыла реиқәыршәара иазкны

Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ақыҭанхамҩа аҿиаразы сынтәатәи апрограмма инақәыршәаны еиуеиԥшым ажәлақәа рыла анхацәа еиқәдыршәоит. Афонд анагӡаратә директор арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, сынтәа уи амҽхак еиҳагьы ишыҭбаахаз атәы.
Sputnik
Адунеи аҿы ишьақәгылаз аекономикатә ҭагылазаашьа инамаданы ҳгәы иҭаҳкит акциа аҳәаақәа арҭбаара ҳәа азгәеиҭеит Аргәын аиҿцәажәараҿы.
"Сынтәа 800 000 жәла ҳшарц ҳгәы иҭоуп. Еиуеиԥышм ауҭраҭыхқәа рзы. Иахьа иааз акарпыжәи ашьынкеи рыжәлақәа роуп. Урҭ ҟарҵоит Урыстәыла, дара ачымазарақәа ирыцәшәаӡом, илоуҵаз аауеит", - ҳәа иҳәеит Аргәын.
Акциа рхы аладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы, аха иахьылаиҵо адгьыл ҳирбароуп, ма афотосахьа ааишьҭроуп иҳәеит Кадыр.
"Иҟоуп аҭаацәарақәа акарпыжә аҭиразы иҟазҵо. Урҭ 500-600 ҭыжаарсҭа ҟарҵоит, 3 000 цыра жәла раҳҭоит. Аҩназы изҭаху 100 цырак раҳҭоит. Ақыҭаҿы аус утәуп, атәыла фатәыла аиқәыршәаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.