Аԥсны

Маргарита Симониан Аслан Бжьаниа иирамш идылныҳәалеит

Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6, 1963 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иирамш идылныҳәалеит.

"Иара убас, иахьа иирамшуп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа - ауаҩы ҟаимаҭ, иҟәыӷоу, ииашоу, зысасдкылара ҳараку хаҵоуп, ҳара даҳтәуп. Анцәа имчала аизҳазыӷьареи аҭынчреи рзеиӷьасшьоит иаргьы, итәылагьы!", - ҳәа лыҩуеит лхатә Telegram-канал аҟны.

Маргарита Симониангьы мшаԥы 6 азы 42-тәи лиирамш азгәалҭуеит.
Иара убас Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, иагьазгәеиҭеит, Урыстәыла ахә ҳаракны ишыршьо аҩтәылак рыбжьара иҟоу аиҩызареи аизыҟазаашьақәеи рырҿиаразы илагалақәа.
Аԥсны
Владимир Путин Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа иирамш идырныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов, Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак, Аԥсны иҟаз уаанӡатәи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев, Донецки Лугански рхадацәа. Иара убас Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа, Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ, Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов.
Аԥсны ахәбатәи ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 азын иазгәеиҭуеит 59-тәи иирамшы.
Аԥсны ахәбатәи ахада иира амшаз: Аслан Бжьаниа Sputnik аблала