Урыстәыла амаинингқәа рзы иҷыдоу азинтә режим шьақәыргылазарц ажәалагала ҟаҵоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Аҳәынҭдума адепутат Антон Горелкин иажәалагала – Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистрреи егьырҭ афедералтә усбарҭақәеи, абизнес-еилазаарақәеи иаздырхиеит ажәалагала амаинингқәа рзы аексперементалтә зинтә режим ҷыда ашьақәыргылараз ҳәа аҳәоит Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Денис Мантуров иҟаиҵаз иҭак. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла Афинансқәа рминистрра амаинингқәа раргамара иадгылоит
"Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрреи Урыстәыла аргылара аминистрреи егьырҭ афедералтә усбарҭақәеи, абизнес-еилазаарақәеи 2021 шықәсазы иаздырхиеит ажәалагала - амаинингқәа рзы аексперементалтә зинтә режим ҷыда ашьақәыргылараз. Иҷыдоу азинтә режим иазԥхьагәанаҭоит акриптовалиута аԥхарратә еиҭшьақәыргыларатә ргыларақәа рҿы аԥхьаӡагатә лшарақәа рхархәара аиура", - аҳәоит адокумент аҿы.
Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистрра аҭак ҟаҵан Урыстәыла акриптавалиутатә џьармыкьа аҭышәныртәалараз ажәалагалақәа рҭакс.
"Урыстәыла ацифратә валиута аҭыжьреи ахархәареи рҭышәныртәалара иахьазы актуалра аҵаны иԥхьаӡоуп, Урыстәыла абанки афедералтә усбарҭақәеи – Афинансқәа рминистрра, Росфинмониторинг, ФНС, Урыстәыла АШәМ, Апрокуратура хада ргәаанагарала", - иҳәеит Денис Мантуров.
Ажьырныҳәазы Абанк хада иакьыԥхьит ажәанҵа. Уи аҿы ажәалагала ҟаҵан закәаншьаҭала акриптовалиута амаининги аикәыршареи рзин ҟаҵамзарц убри аан амазаара мап ацәымкыкәа.
Афинансқәа рминистрра ари азнеишьа иадгылом. Уи ажәалагалала аџьармыкьа ргаматәтәуп. Аминистрцәа реилазаара ари аконцепциа иақәшаҳаҭны азакәан апроект аус адулазарц анапынҵа ҟанаҵеит. Жәабран 18 азы аминистрра аиҳабыра ирыдыргалеит акриптавалиута аҭышәныртәалараз аԥшьгамҭа – Урыстәыла иахьаҵанакуа ашәаратә хархәагак аҳасаб ала иааныжьзарц, арҭ активқәа реиԥшзаареи аинвесторцәа рахь онлаин-аԥышәахысра ҟаҵаны, насгьы ацифратә маининг аилкаара шьақәыргыланы.
Убри аан Абанк хада ахатә проект шьақәнаргылеит. Уа аҽазныхгьы атәыла аҩнуҵҟа акриптавалиута аҭыжьреи аикәыршареи ирҿагылеит.