Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ар УАМ рбылтәыҵәахырҭеи акәылӡтехника арҽеирақәа ахьыҟарҵози ԥыржәеит

Урыстәылатәи ар Украина абџьархыхразы арратә инфраструктура аргыларақәа еилаԥыххаа иргоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәылатәи ар ракетала иҭадырхеит акомандаҟаҵаратә ҭыԥ, абылтәыҵәахырҭа, акәылӡтехника арҽеирақәа ахьыҟарҵоз азауад ҳәа иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Мышкы аҩнуҵҟа аҳаир-космостә мчрақәеи аракетатә ари Украина арартә хыбрақәа даҽа 33 дырхәашеит. Урҭ рыҩнуҵҟа: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ааба, аматериал-техникатә еиқәыршәара аҵәахырҭақәа хԥа, арратә техника агыларҭақәа 21.
Аҳауаҿ икажьын аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба.
ЛЖәР амчқәа ажәылара мҩаԥго аиланхарҭа Новотошковское мрагыларатәи ахәҭахьы икылсит ҳәа иҳәоит аинрал-маиор.
Северодонецктәи ахырхарҭаҿы ЛЖәР амчрақәа УАМ 57-тәи амотошьаҟауаа рыбригада иажәлан иҭадырхеит 50-ҩык, акәылӡтехника 9 акк. Уажәы аибашьра цоит аиланхарҭа Замуловка аҳәааҿы.