Аԥсны

Владимир Путин Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6, 1963 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аԥснытәи иколлега Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Урыстәыла ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу аиҩызареи аизыҟазаашьақәеи рырҿиараз ашәҽазышәарақәа. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, аҳәынҭқарратә ус аҟны ақәҿиарақәа", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Владимир Путин
Урыстәыла ахада
Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит Аахыҵ Уаҧстәыла ахада Анатоли Бибилов.
“Аахыҵ Уаҧстәыла акыр иахӡыӡаауеит ҳажәларқәа традициала ирыбжьоу аиҩызареи аилибаакареи. Агәра згоит, Шәара шәыбзоурала иахьа иалыршоу аусеицура аҩаӡара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы реизырҳаразы ауасхыр ӷәӷәаны ишыҟало", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6, 1963 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.