Аԥсны

Аӡбаратә нагӡаҩцәа "Аԥсныеихамҩа" иақәыз ашәахтә-уал амырхит

"Аԥсныеихамҩа" иадыршәаз аԥарақәа аҳәынҭқарра иахыԥхьаӡалахоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" иадыршәеит 310 000 мааҭ ҳәа аанацҳауеит Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура.
Иазгәаҭоуп амаҵзураҿы ишымҩаԥырго АУН "Аԥсныеихамҩа" аганахь ала аусҭҵаара анагӡара.
Иааидкыланы "Аԥсныеихамҩа" иақәу ашәахтә-уал 4 002 975 мааҭ ыҟоуп.
2015 шықәсазы Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭа анагӡаҩцәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә усеиҿкаара" азакәанқәа. Ԥхынҷкәын 26 2016 шықәсазы аҵыхәтәантәи авариант ҳәа ирыдкылан Аминистрцәа реилазаара ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрра аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзуразы". Уи инақәыршәаны иаԥҵан амаҵзура.
2017 шықәса лаҵарамзазы амаҵзура аусура иалагеит.