Аԥсны

Аԥснытәи аррамаҵзурауаа алахәхоит аицлабра "Саянский марш – 2022"

"Саянский марш" – аицлабрақәа рымзар аазыртуа раԥхьатәи аӡынтәи дисциплиноуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Аԥснытәи аррамаҵзурауаа алахәхоит жәларбжьаратәи аицлабра "Саянский марш – 2022" ҳәа аанацҳауеит ареспублика арратә усбарҭа.

Аицлабрақәа ирылагоит мшаԥы 11 азы, ирылахәуп: Урыстәыла, Аԥсны, Китаи, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Киргизиа, Узбекистан, Иран ркомандақәа.

Ахацәа ираҟараны аицлабрақәа ирылахәхоит Урыстәыла Арбџьармчқәа аҳәса ркомандагьы.
Аицлабра иалахәу ирзыԥшуп ҩмштәи ашәҩақәа рыла аныҟәара, 50 километр иҟоу азеиԥш ацагамҩа иахысуа алахәылацәа 12 усдҵа ҷыда ирхысроуп.
Аԥснытәи акоманда ихнаркәшеит аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 алахәзаара
Аицлабрақәа рҟны аруаа еиуеиԥшым аԥынгылақәа ирхысуеит, ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла илбаауеит, аԥшыхәра мҩаԥыргоит, ашахақәа рыла аҿҟьарақәа рҟынтә илбаауеит.
Аԥснытәи аруаа ҩышықәсоуп "Саянский марш" ашьхаратә ҟәшақәа реицлабра иалахәуижьҭеи.
"Саянский марш - 2022" актәи аицлабрақәа мҩаԥысуеит Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.