Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Нанбеи Ԥлиаԥҳаи Урыстәыла иаҿагыло иԥаршеиу адыррақәа ирызкны

Аинрал Закан Нанбеи аполитолог Далила Ԥлиаԥҳаи Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда иаҿагыло имцу аинформациа амҽхаки, уи анырреи ирылацәажәеит.
Sputnik
Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагыло апровокациақәа рацәахеит, амассатә информациа ахархәагақәа рҟны афактқәа ԥсахны даҽа ҟазшьак аҭаны аларҵәара ишаҿыц иаҿуп. Мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьеи, Украина имҩаԥысуа иҷыдоу аоперациа иадҳәаланы аларҵәара змоу имцу адыррақәеи ирзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны ААЕ аветеран, Леон иорден занашьоу аинрал-маиор Закан Нанбеи аполитолог Далила Ԥлиаԥҳаи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.