Роскомнадзор Урыстәыла азакәан аилагаразы Google аԥкрақәа аднагалоит

Роскомнадзор аӡбра аднакылеит аинформациатәии аекономикатәии аҟазшьа змоу ақәымчратә ԥкрақәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Роскомнадзор Урыстәыла азакәан аилагаразы Google аԥкрақәа аднагалоит, аилахәыра аӡыргарақәеи аинформациатә лшарақәеи рганахь ала ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Аԥкрақәа алагалоуп америкатәи IT-еилахәыра Google LLC урыстәылатәи азакәанԥҵара ахьеиланаго азы.

Аилахәыра Google иара аинформациатә лшарақәа рганахь ала абарҭ ауснагӡатәқәа рыдыркылеит:
аинтернет-хархәаҩцәа рыԥшааратә системақәа аҳәаанырцә-хаҿы урыстәылатәи азакәанԥҵара шеилеигаз азы аинформациа рыҭара;
Google LLC-и иара аинформациатә лшарақәеи рӡыргара аҳасаб ала рзин аҟамҵара.
Роскомнадзор аҿы ирҳәеит "аинформациатәии аекономикатәии ҟазшьа змоу ақәымчратә ԥкрақәа" Google аганахь ала ишаанхо аилахәыра аилагарақәа ариашаанӡа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Google Meta рдаҟьақәа рҟны урыстәылатәи АИХқәа рӡыргаразы азин рымырхит