Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Блабба афымцамч ақәыӷәӷәарақәа, аамҭеихшара, амаининг рзы

Аԥсны афымцамч аусхк иадҳәалоу ауадаҩрақәа ишыҟац иаанхоит. Аамҭеихшара, ақәыӷәӷәарақәа, амаининг уҳәа хра злоу азҵаарақәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аҟны "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
Sputnik
Блабба еиҭеиҳәеит ааԥынтәи аԥхаррақәа афымцамч ақәыӷәӷәарақәа ишырныԥшыз, иаҳа еиҵахазаргьы 2019 шықәса иаҿырԥшны урҭ рацәоуп. Уи ашықәсан ари аамҭазы 6 миллион киловатт сааҭ наҳхуазҭгьы, иахьазы 8 миллионк рҟынӡа инаҳхуеит иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ. Аӡынра акәзар афымцамч иамаз ақәыӷәӷәарақәа 12 миллион киловатт сааҭ инаӡон ҳәа азгәеиҭеит Блабба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.