АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Амҽыша, мшаԥы 10 рзы, Егрытәи ГЕС иатәу Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы арыцқьарақәа ахьымҩаԥгатәу иахҟьаны афымцалашара ааныркылоит Аԥсны аиҳарак иахьаҵанакуа, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Алашара ҟалаӡом Аԥсны иахьаҵанакуа иахьабалак асааҭ 13:00 - 15:00 рзы,аҳҭнықалақь астанциа маҷқәа "Аҟәа-1", "Аҟәа-2", "ИЕПиТ" аҟынтәи алашара зауа анхацәа аламҵакәа.
Аԥсны жәабран 7 раахыс аамҭа-аамҭала алашара арцәарақәа реихшанҵа алагалоуп ақәыӷәӷәарақәа ахьырацәоуи афымцалашара ахьазымхои иахҟьаны.