АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеит ахада иалхрақәа наԥшыҩцәак раҳасабала рхылаԥшразы, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟынтәи аделегациа алахәыла Алиас Бранӡиа.
Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ицеит атәыла анапхгара иҟанаҵаз ааԥхьара ашьҭахь. Аделегациа иалахәуп ааҩык.
Инна Кәарҷиаԥҳа, Омар Смыр, Алиас Бранӡиа Аԥсны АКХ ахьӡала ицеит, Ауаажәларратә палата ахьӡала - Роман Каҷараа, Аԥсны Апарламент аҟынтәи - Илиа Гәниа, Венори Бебиа, Омар Џьынџьал, Аминистрцәа реилазаараҟынтәи - Аԥсны АҶА анапхгаҩы Лев Кәыҵниа.
"Ҳара иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла ҳааит. Ахәылбыҽха жәларбжьаратәи анаԥшцәа злахәу ахәылԥаз еиҿыркаауеит. Ҳара ҳарԥылараны ҳаҟоуп атәыла ахадара. Уаҵәы алхратә ҭыԥқәа ҳарҭаауеит, анаҩс абрифинг мҩаԥаагоит", - иҳәеит Бранӡиа.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп амҽыша мшаԥы 10 рзы. Ареспублика АКХ аҿы иҭарҩит хәҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада Анатоли Бибилов, апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.
Алхрақәа рыҽны иаадыртуеит алхратә ҭыԥқәа 76, урҭ рахьтә 72 - Аахыҵ Уаԥстәыла, ҩба - Владикавказ, акака - Москвеи Аҟәеи.
Ареспубликахь алхрақәа рхылаԥшразы инеиуеит 65-ҩык анаԥшцәа, Аԥсны, Австриа, Италиа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи уҳәа.