Арадио

Амқәаби Ломиаԥҳаи азааҭгылеит ашкол аушьҭымҭа изанааҭ алхра азҵаара

Ашкол аушьҭымҭацәа рҵара иахьацырҵо, азанааҭ шалырхуа атәы иалацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаби Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩы, аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аспециалист хада Нонна Ломиаԥҳаи.
Sputnik
Ашкол ахәыҷқәа зегьы ҭалароуп, зегьы иалгароуп, ианеиҵаха 9 класск. Уи анаҩс рымҩа рхала иалырхуа, мамзаргьы рҭаацәа ирыҵарҳәо, азанааҭ алхраҟны ашколи аҭаацәеи рроль арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаби арҵаҩы, аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аспециалист хада Нонна Ломиаԥҳаи.
Ашкол аҟны ус еиԥш аусура шьақәыргылан, иагьахәҭоуп аҵаҩы аԥхьаҟа дзызҟазахо, имаҭәахәханы изыҟало азанааҭ ахь ихы ирхарц ианаамҭоу ацхыраара иҭара, амҩа иқәҵара ҳәа азгәалҭеит Ломиаԥҳа. Ахәыҷы ани аби дымҩақәырҵароуп дшыхәыҷу аԥхьаҟа ихы ззикраны иҟоу азанааҭ аганахьала ҳәа иԥхьаӡоит Амқәаб.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.