Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аршба амҩа хада аҿықә асанитартә ҭагылазаашьа иазкны

Амҩа хада аҿықә асанитартә ҭагылазаашьа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит "Аԥсныавтомҩа" ахаҭарнак Станислав Аршба.
Sputnik
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныавтомҩа" ахаҭарнак еиҭеиҳәеит Ԥсоуи Егри еимаздо амҩа хадаҟны арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы лшарас ирымоу, рымчқәа ахьынӡеизхо. Иазгәеиҭеит амҩа хада аҭагылазаашьа ҳхаҿра шаныԥшуа, ԥсшьара Аԥсны иаҭаауа асасцәа ишџьаршьало амашьынақәа рыла ицо аԥаҭлыкеи, ақьаади, егьырҭ амаҭәарқәеи амҩахь иандыршәуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.